АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Лаҵара.2024

Аҟәа ақалақь аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса ахыҵра иазкны Аиааира Дуӡӡа апарад мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира 79-шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥган арратә парад. Аруаа шьаҿеиқәшәала ииасит.

Агәырӷьаратә марш адырҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аоркестр.

Апарад иалахәын Атәылахьчара Аминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра а-7-тәи арратә базеи Уыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рыррамаҵзурауаа, зынӡа 17 парадтә гәыԥ - иааидкыланы 600-ҩык инареиҳаны аруаа. Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра  аусзуҩцәа рколоннақәагьы.

Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылеит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа еиҿкаан адәаҿтәи акрыфара. Изҭахыз зегьы асолдаҭ қашь агьама абареи Аиааира Дуӡӡа азы шәы-граммк ашьҭыхреи рылшон.

Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.

 


Read 195 times - Асабша, 11 Лаҵара 2024 17:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.