АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2024

Аслан Бжьаниа: Иури Воронов ихьӡ ахааназ Аԥсны аҭоурых ианылеит, Аԥсны аҭоурых аҟны илагаламҭақәа хашҭра рықәӡам.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 8 рзы  иналукааша аҭоурыхҭҵааҩ, археолог, ауаажәларратә усзуҩы Иури Николаи-иԥа Воронов диижьҭеи 83 шықәса ҵит. Уи ԥсра-ӡра зқәым ишьҭамҭа аанижьит аҭоурыхтә ҭҵаарадырраҟны, активла далахәын аԥсуа жәлар рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчараҟны. 

Ақырҭуа националисттә қәгыларақәа раан Иури Николаи-иԥа Иреиҳаӡоу Асовет аҟны аус иуан, Аԥсны асуверенитет аиҭшьақәыргылареи ашьақәырӷәӷәареи дашьҭан. Аибашьра анцоз иара ихыԥшеи атәыла анҭыҵ имаз ауааи ихы иаирхәон апостсоветтә аамҭазтәи аамҭа уадаҩқәа раан ареспублика адгылара аҭаразы.   

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Иури Воронов ареспублика аиҭашьақәыргылара апроцесси Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырҿиара ауси активла дрылахәын, ареспублика аполитикатә усзуҩцәа дрыдгыланы асоциалтәи аекономикатәи уснагӡатәқәа рыӡбара инапы алакын.

Иури Воронов иԥсра аԥсуа жәлар цәыӡ дук аҳасабала ирыдыркылеит. Иахьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит уи иҭынха ду, аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ҿырԥшыга бзианы иаанхаз аԥсадгьыл иазыҟазаашьа. 

Уи ихьӡ ахааназ Аԥсны аҭоурых ианылеит, Аԥсны аҭоурых аҟны илагаламҭақәа хашҭра рықәӡам.

Иԥсаҭа бзиахааит Иури Николаи -иԥа Воронов.

Аԥсны Ахада А. Бжьаниа .

 ***

Аҭоурых наукақәа рдоктор, ААУ апрофессор Иури Воронов диит лаҵара 8 1941 шықәса рзы Ҵабал, Вороноваа рынхарҭа "Ясочка" аҟны.

1965 шықәса рзы Ленинградтәи ауниверситет далгеит. 1971 шықәса рзы аҭоурых наукақәа ркандидатс дҟалеит, 1985 — аҭоурых наукақәа рдокторс. Ҵабалтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра напхгара аиҭон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны алекциақәа дрыԥхьон.

1990-1995 шықәсқәа раан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс дыҟан. 1994 — 1995 шықәсқәа рзы Аминистрцәа Рсовет Аԥыза-министрс дыҟан. Напхгара аиҭон Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшьқәа Рконгресс.

Иури Воронов дшьын 1995 шықәса рзы.

 


Read 107 times - Ахәаша, 10 Лаҵара 2024 12:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.