АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Нанҳәа.2022

БАДРА ГӘЫНБА АБУ-ИУСУФ БАНОВ АОРДЕН «АХЬӠ-АԤША» III АҨАӠАРА ИАНЕИШЬЕИТ.

Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Ҟарачы-Черқьессиа абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Абу-Иусуф Банов Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара ианеишьеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра азы Аԥсни Ҟарачы-Черкессиеи рыбжьара аимабзиаратәии аиҩызаратәии аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара аҿы илагалеи активла инаигӡоз ауаажәларратә усуреи рзы  Абу-Иусуф Банов лаҵарамза 3, 2022 шықәсазы ианашьахеит «Ахьӡ-Аԥша» аорден  III аҩаӡара.

«Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп ҳреспублика азы акыр иуадаҩыз аамҭазы – Аџьынџьтәылатәи аибашьра анцоз аамҭа азы, Шәара иҳашәҭаз адгылареи ацхыраареи рзы.  Шәара зегьрыла ҳажәлар адгылара рыҭара алшәыршон, рааигәара шәыҟан, рыуадаҩрақәеи ргәырҩеи рыцеиҩышәшон. Уи адгылара ҳара иахьагьы иаҳныруеит. Шәааԥсареи шәылшамҭақәеи ҳасаб рзуны, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа  – «Ахьӡ-Аԥша» аорден шәанашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  Сара даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасшәарц сҭахуп Аԥсни Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликеи  рыжәларқәа рыиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рыҿиареи рзы  иҟашәҵаз алагала ду азы. Агәра ганы сыҟоуп ҳажәларқәа ирыбжьоу аимабзиаратә, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы аҿиара шаиуо.   Ишәыдысныҳәалоит ари аҳамҭа аиура», - ҳәа иҟаиҵаз адныҳәаларатә ажәахә аҿы иазгәеиҭеит Бадра Гәынба. 

Абу-Иусуф  Банов ареспублика анапхгара  иусура иарҭаз ахәшьара ҳаракы азы иҭабуп ҳәа иҳәеит. 

 


Read 388 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 13:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.