АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2024

Арт-пленер «Феникс» алахәылацәа иреиӷьу русумҭақәа Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳамҭас иарҭоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩала игылоу, Амилаҭтә сахьатә галереиа иазоужьу ахыбра аҿы имҩаԥысит мшаԥымза 24 инаркны 29-нӡа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи арт-пленер «Феникс» иалахәыз  русумҭақәа аихшьаалатә цәыргақәҵа.    Ацәыргақәҵа аҿы иқәыргылан 60 инарзынаԥшуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет астудентцәеи арҵаҩцәеи, иара убас арт-пленер асасцәеи – Урыстәылеи Белорусиеи рҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа.   

ААУ аҟазарақәа рфакультет адекан Ныгәзар Логәуа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа  ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбраҿы иҟалаз амцакра аҿы зфондқәа алаблыз Амилаҭтә сахьатә галереи адгылара аҭара иазкны еиҿкаахеит.

«Ари абылра ашьҭахь раԥхьатәи цәыргақәҵоуп. Ҳара ҳахь иааит Урыстәылеи Белорусиеи рҟынтәи аделегациақәа. Урҭ иҳахьыз арыцҳара иақәҿырҭит, ирылшо ала адгылара ҳарҭоит.  Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылоит Урыстәылеи Белорусиеи рҟынтәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаимадара ессааира ахьҽарҭбаауа», – ҳәа иҳәеит иара.

Жәларбжьаратәи арт-пленер алахәылацәа доусы ҩба-ҩба русумҭақәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҟазарақәа рфакультет аҿы иаанхоит. Анаҩс ареспублика акультура Аминистрра аҩаӡараҿы акомиссиа аԥҵара азԥхьагәаҭоуп. Уи иалнахуеит ҳаԥхьаҟа Амилаҭтә сахьатә галереиа аҿы иқәыргылахо иреиӷьу аусумҭақәа.  

«Убас ала, ҳара маҷ-маҷ аиҭарҿиара амҩа ҳанылоит. Ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит адгылара ҳазҭаз зегьы», - ҳәа иҳәеит Ныгәзар Логәуа.

Ацәыргақәаҵа ахь иааиз аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба асасцәа рахь ихы рханы, ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа ауаа еизааигәанатәуеит, еибанардыруеит, реиҩызара арӷәӷәоит, насгьы ҳҟазара еиҳа иҳараку аҩӡара аҟынӡа инанагоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Апленер алахәылацәа Аԥсны еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы – Аҟәа, Гагра, Афон Ҿыц, Очамчыра, иара убас Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан аус руан.

Жәларбжьаратәи арт-пленер «Феникс» еиҿкаахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Униерситет аҟазарақәа рфакультети ихьыԥшым асахьаҭыхыҩцәа жәларбжьаратәи Реидгылеи «Аԥсны-арт» рыла. Убри аан урҭ раԥшьгара анагӡараҿы адгылара рынаҭеит Москватәи акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны».  

 


Read 437 times - Аԥшьаша, 02 Лаҵара 2024 09:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.