АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара 15-шықәса ахыҵра инамаданы Аусбарҭа хаҭалатәи аилазаарагьы анапхгараҭареи дрыдныҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 30 рзы 15 шықәса ҵит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара ҟалеижьҭеи.

Ари арыцхә иазкын иахьа Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуа аныҳәатә усмҩаԥгатә.

Мшаԥымза 30, 2009 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа  Дмитри Медведеви  Сергеи  Багаԥшьи «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡара азы" Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.  Мшаԥымза 30, 2009 шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара иамшны иԥхьаӡоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи  Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара иазку ауснагӡатәқәа еицымҩаԥыргоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәаахьчаратә Усбарҭа хаҭалатәи аилазаареи анапхгараҭареи Аусбарҭа аиубилеи рыдиныҳәалеит.

«Мшаԥымза 30, 2009 шықәсазы Москва ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Сергеи Багаԥшьи Дмитри Медведеви «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡара азы» Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа раԥхьатәи анапхгаҩы, аинрал-маиор Иури Зварики инапхгарала ҳреспублика ахь иааит, урҭ абар шьҭа   15 шықәса раахыс аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа ирыцны хьӡы-ԥшала ҳреспублика аҳәаақәа рыҟны аррамаҵура иахысуеит.

Урыстәылатәи аҳәаахьчаратә архәҭақәа Аԥсны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара аус аҿы ихадоу ароль нарыгӡоит, Қырҭтәылеи уи адгылаҩцәеи рганахьала иҟоу аҭычра аилагара азы аҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара алдыршоит.   Аԥсны жәлар зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло ҳҳәаақәа рыхьчараҿы игылоу урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа гәымшәақәа  рџьабаа даара ҳаҭыр рзақәуп.  Аԥсны Анапхгара ахә ҳаркны иашьоит аҭышәынтәалареи аҭынчреи ралыршараҟны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа инанагӡо ароль. 

Ари амш аҽны ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит зырратә уалԥшьа анагӡараан, ҳанацәеи ҳхәыҷқәеи иаҳзааигәоу ауааи рҭынчра аиқәырхаразы   иҭахаз аполковник еиҵбы Васили Квитко, апрапоршчик Андреи Удальцов.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ари аиубилеитә рыцхә даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аиҩызареи астратегиатә еидгылареи», – ҳәа иаҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.

Аслан Бжьаниа урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа абри аныҳәамш азы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ринтересқәа рыхьчара иазку рыррамаҵзура ахысраҟны аԥхьаҟагьы аихьӡарақәа».


Read 518 times - Аҩаша, 30 Мшаҧы 2024 20:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.