АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2024

Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аруаа аиубилеи рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура  Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аруаа аиубилеи рыдиныҳәалеит.  

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, Ареспублика Аԥсны Анапхгареи, хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит  Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура  Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵра!

Мшаԥымза, 2009 шықәсазы, имариамыз аамҭа азы, ҳҳәынҭқаррақәа рхадацәа «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡара азы» Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.  Убри нахыс аԥснытәии урыстәылатәии аҳәаахьчаҩцәа иҳараку апрофессионалтә ҩаӡара аҿы ҳҳәынҭқарра аҳәаақәа реицыхьчара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.  

Шәара шәмаҵзура даараӡа акыр аҵанакуеит. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи аиҩызареи аусеицуреи аҩганктәи аидгылареи аицхыраареи рзы 2008 шықәсазы  ирыбжьарҵаз афундаменталтә еиқәшаҳаҭра ала, уи Аԥснытәи аҳәынҭқарра ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи иахылаԥшуеит, уи шьаҿа-шьаҿалатәи аҿиареи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи иацхраацуеит», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.

Алеқсандр Анқәаб урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аҭакԥхықәра зцу русура аҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи, доусу рҭаацәарақәа рҿы агәабзиареи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.

Аԥсыза-министр Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура  Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аруааи анапхгараҭареи Аԥсны Анапхгара аринахысгьы Аусбарҭа иахәҭоу адгылареи ацхыраареи анаҭалоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. 


Read 523 times - Аҩаша, 30 Мшаҧы 2024 20:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.