01-февраля-2023

АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА-ЗИНТӘ ПОЛИТИКА АЗЫ АИЛАК ИНАРҬБААУ АИЛАТӘАРА АҾЫ АШЬАУС АХАЦЫРКРА АШЬҬАХЬ ЕИҬА АЕКСПЕРТИЗА АМҨАԤГАРА АЛЫРШАРА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит аҳәынҭқарра-зинтә политика иазку Аԥсны жәлар Реизара – Апарламент Аилак инарҭбаау аилатәара. Уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Аилак иацнаҵеит 2022 шықәса ԥхынгәымза 27 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект аус адулара. 

Аилак аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр   Анри Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, адукатцәа р-Палата ахантәаҩы Котико Чагәаа, егьырҭ адукаттә уаажәларра ахаҭарнакцәа.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект азырхиоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаустә закәанԥҵара анормақәа реиӷьтәреи лыҵшәа рыманы Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаус-процессуалтә нормақәа рхархәареи хықәкыс иҟаҵаны.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа рахь ирыдгалаз аԥсахрақәа рыдҳәалоуп ауаа рылахәаахәҭра; аинформациа-телекоммуникациатә каҭақәа рхархәарала, Аинтернет» акаҭагьы уахь иналаҵаны, иаартны ацәахыхра; амаҵурауаа ҳәа иазхаҵоу ахаҿқәа реиқәыԥхьаӡа арҭбаара.

Азакәан апроект иацу аилыркаага шәҟәынҵаҟны иҳәоуп уи авторцәа Азакәанеидкылаҟны хархәара змоу аилыркаа хадақәа аазыртуа Аԥсны Ашьаус-процессуалтә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 5 аԥсахрақәа жәпакы ралагалара шрыдыргало.

Ҷыдала, ирҭбаахоит аилыркаа «аҳәынҭқарратә харадҵаҩы», «анхарҭа», «ирыхьчо ахаҿы», иара убас аԥсахрақәа алагалахоит аполиграф ахархәареи «аҩны аҭакреи» ирыдҳәалоу аилыркаақәа.

Иахьатәи аилатәара иалахәыз хшыҩзышьҭра арҭеит ашьаус ахацыркра ашьҭахь еиҭа аекспертиза амҩаԥгара; аимдареи амхреи рымҩаԥгараан аспециалист иалахәра; аӡбаратә еилатәарақәа рыԥкаанҵақәа рымҩаԥгара; зықәранаӡам ззин еилагоу мамзаргьы ашаҳаҭҩы рҿахәы рхҿыхра реиԥш иҟоу азҵаарақәа.

 

 

 

 


Прочитано 901 раз Последнее изменение 02.02.2023
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.