*** *** Уасил Михаил-иԥа Царгәыш диит Аԥснытәи АССР, Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы.
1947—1958 шықәсқәа рзы Аҷандаратәи абжьаратәи ашкол аҿы аҵара иҵон. Ашкол даналга ашьҭахь дҭалеит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа адирижиортә факультет.
Амузыкатә ҵараиурҭа аҿы аҵара аниҵоз аамҭазы ашколтә хор напхгара аиҭон, уи иара убас аволеибол ала иҽазыҟаиҵон.
1963 шықәсазы ахор-дерижиортә факультет акурс нагӡаны далгеит. Уи ашьҭахь адирижиор-хормеистр иаҳасабала аусура ҳәа ддәықәҵан Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль ахь.
1977 – 1982 шш. Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыка-педагогикатә Институт аҿы аҵара иҵон. (аквалификациа «жәлар рхор анапхгаҩы, адирижиор»).
1968—2020 шш. – Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩи адирижиор хадеи рмаҵура еилеигӡон.
1972 шықәса рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль адиректор иҭакԥхықәра анагӡара идҵан.
1979 шықәсазы Уасил Царгәыш «Аԥснытәи АССР Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵахеит, 1982 шықәсазы – «Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы».
1976 шықәсазы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш инапхгарала Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль раԥхьаӡа акәны аҳәаанырцәҟа – Польшаҟа агастрольтә ныҟәара нанагӡеит. Қәҿиарала имҩаԥысыз агастрольқәа рышьҭахь, ансамбль еиҳа лассы-лассы аҳәаанырцәҟа ааԥхьара аиуо иалагеит. Ансамбль агастрольқәа мҩаԥнаго иалагеит Германиатәи Адемократиатә Республика, Афедеративтә Республика Германиа, Мраҭашәаратәи Берлин, Чехословакиатәи Асоветтә Социалисттә Республика, Шьамтәыла, Бырзентәыла, Ефиопиа, Танзаниа, Мозамбик, Аргентина, Мексика, Франциа, Ҭырқәтәыла.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль ԥыхьатәи Асовет Еидгыла акәакьқәа зегьы рҿы инеихьан.
1986 шықәсазы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәын. Иара Ражьден Гәынба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа адиректорс дҟаҵан.
1988 шықәса инаркны иара Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩи адирижиор хадеи рмаҵура еилеигӡон.
1995 шықәсазы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа адиректор имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәын, аха убри аамҭазы Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩи адирижиор хадеи адиректори рмаҵураҭыԥ аҿы аус иуан. Иԥсҭазаара далҵит 2021 шықәса рзы.