Ихәыда-ԥадоу алагалақәа ихадоу ахәҭа шьақәгылоуп Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраара ала. Уи 2022 шықәсазы 5 млрд 708 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар, азеиԥш рбагақәа рҟынтәи 45,9% рҟынӡа инаӡоит.
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраара 4 млрд 158 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара азы Аинвестициатә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәа рыҟаҵара азы – 1 млрд 550 млн. мааҭ.
Ахатәы хашәалахәқәа еиҳау ахәҭа ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрреи аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилаки рхылаԥшрала иҟаҵаз алагалақәа рыла ишьаҭаркуп..
«Иарбоу ахылаԥшырҭақәа иааубаратәы еиԥш активла аусура анагӡара алдыршеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Алеқсандр Анқәаб.
Ареспубликатә биуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа анагӡара 10 млрд 634 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи 889 млн. мааҭ рыла 2022-тәи ашықәс азы ишьақәырӷәӷәаз ареспубликатә биуџьеҭ Ареспубликатә биуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа анагӡара 10 млрд 634 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи 889 млн. мааҭ рыла 2022-тәи ашықәс азы ишьақәырӷәӷәаз ареспубликатә биуџьеҭ апараметрқәа - аԥхьанаттәи апараметрқәа рганахьала 1 млрд 223 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Ахатәы хашәалахәқәа раҳасабала Ареспубликатә биуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 4 млрд 947 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит, убри аан ишьақәырӷәӷәаз апараметрқәа 4 млрд 36 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Атәыла аԥыза-министр иажәақәа рыла, 2022-тәи ашықәс азы ареспубликатә биуџьет ахь ахатәы хашәалахәқәа ралагалара аизҳара аиҳарак изыдҳәалоу факторқәаны иҟалеит:
Ашәахтәқәҵаратә база арҭбаара, уаанӡа ашәҟәы иҭагаламыз ашәахтәшәаҩцәа ашәҟәы рҭагалара уахь иналаҵаны;
Ишәамкәа иҟаз ауалқәа ршәара алыршара;
Ашәахтәқәеи аизгақәеи ршәара анапхгараҭара аҩаӡара ашьҭыхра.
Алеқсандр Анқваб иара убасаҭыԥантәи абиуџьетқәа рхашәалахәқәа реизҳара атенденциа шыҟоу азгәеиҭеит.
«Иҳаҩсыз ашықәс азы ақалақьқәеи араионқәеи зегьы ицәгьамкәа аус руит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла анапхгара ахада.