Аизҳара адинамика иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа ирҿырԥшны иахәаԥшуеит. Абиуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 2021-тәи ашықәс арбагақәа раасҭа 886,4 мааҭ рыла еиҳауп, 2020-тәи ашықәс арбагақәа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар - 1 778,3 млн.мааҭ рыла.
24-января-2023
2022 ШЫҚӘСАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БИУЏЬЕТ ИАЛАЛЕИТ 4 МЛРД 285,2 МЛН МААҬ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра 2022 шықәсазы аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны имҩаԥнагаз аусура аихшьаалақәа азԥхьагәаҭатә рбагақәа ирықәшәоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра апресс-маҵзура.
2022 шықәсазы инагӡаз аусура аихшьаалақәа рыла, ашәахтәқәеи ихымԥадатәиу ашәатәқәеи раҳасабала аҳәынҭқарратә биуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ – 4 285,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан 2022 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз аплан ала иазԥхьагәаҭан – 3 526,3 млн. мааҭ. ( анагӡара 122% рҟынӡа инаӡоит, иааизакны иацҵан анагӡара – 759,0 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.), аизҳара адинамика – 126 %.