Ԥхынҷкәынмза 19 рзы 20 тонна амандарина Луганск ақалақь ахь инаган. Зынӡа Аԥснынтәи Донбасс ауааԥсыра ирызнаган 100 тоннак инарзынаԥшуа ацитрустә шәырқәа, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. Агуманитартә акциа амҩа иқәлеит ԥхынҷкәынмза 16 рзы.
20-декабря-2022
АԤСНЫТӘИ АИҚӘЫРХАҨЦӘА ДОНЕЦКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА АУААԤСЫРА 23 ТОННА АМАНДАРИНАҚӘА РЫЗНАРГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ԥхынҷкәынмза 20 рзы Донецктәи Жәлартә Республика ауааԥсыра 23 тонна амандарина рызнаргеит. Донецк ашьҭахь агуманитартә цхыраара згоз аколонна Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рахь ахы археит.