21-декабря-2022

АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АХШАРАИУРАТӘ ҞӘША АҾЫ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиуратә ҟәша аҿы аиҭашьақәыгыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Мышқәак раԥхьа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус зымуаз, ахшара зауз аҳәса рзы аҽыкәабарҭақәа рҿы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа   хыркәшахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ахшараиуратә ҟәша ианаҭеит амедицинатә ҭҵаарақәа рзы ихымԥадатәиу ашьақәыргылага.  Уи аԥшқақәа рҿы апаталогиақәа заанаҵы раарԥшра алнаршоит.

Аппарат ахәышәтәырҭа  ахь анагара еиҿикааит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.        

 


Прочитано 758 раз Последнее изменение 21.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.