20-декабря-2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АШЫҚӘСҾЫЦТӘИ АԤСШЬАРАМШҚӘА РАХГАРАЗЫ ИАЛЫРХУА АҚАЛАҚЬҚӘА ЖӘАБА РХЫԤХЬАӠАРАҾЫ ИҞАЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Асасааирҭақәеи ауадақәеи заанаҵы аԥсшьараамҭазы раанкылара иазку Урыстәылатәи асервис  Tvil.ru, иаиуз адыррақәа рыла, Ашықәс ҿыц аԥылареи аныҳәатә ԥсшьараамҭа ахгареи рзы еиҳа иалырхуа ашьха иаԥну аҭыԥқәеи уи иацу ахарџьқәеи реилкааразы аҭҵаара мҩаԥнагеит. Убас ала,   атуристцәа еиҳа иалырхуа аҭыԥқәа алкаахеит:

Актәи аҭыԥ аҿы игылоуп Шәача ақалақь, иаанкылоу аҭыԥқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 12%.

Аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа рҿы игылоуп – Кисловодск, Краснаиа Полиана (3,2 %, ашықәсҿыц азы иаанкылоу 2,3%).

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа 8-тәи аҭыԥ аҿы игылоуп.

Ашықәс ҿыц аԥыларазы иалырхыз ашьха иаԥну аҭыԥқәа жәаба:

Шәача, Краснодартәи атәылаҿацә ― 4346 мааҭ. / 5 –мши-ҵхи рзы*

Кисловодск, Ставропольтәи атәылаҿацә ―4465 мааҭ. / 5 мши-ҵхи рзы;

Краснаиа Полиана, Краснодартәи атәылаҿацә ― 12215 мааҭ. / 5 мши-ҵхи рзы;

Иалта, Ҟрым ― 4325 мааҭ/ 5 мши-ҵхи рзы;

Мурманск, Мурмансктәи аобласть ― 3986 мааҭ. / 3 мши-ҵхи рзы;

Архыз, Ҟарачы-Черкесиа ― 13570 мааҭ. / 3 мши-ҵхи рзы;

Алушта, Ҟрым ― 3507 мааҭ/ 4 мши-ҵхи рзы;

Аҟәа, Ареспублика Аԥсны ―3332 мааҭ/ 5 мши-ҵхи рзы;

Махачкала, Даӷьсҭан ― 3988  мааҭ / 5 мши-ҵхи рзы;

Шерегеш, Кемеровтәи аобласть ― 10772  мааҭ/ 5 мши-ҵхи рзы;

 

 


Прочитано 823 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.