13-декабря-2022

АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҚЫҬАНХАМҨАТӘ ЕКОНОМИКАТӘ ЗОНАҚӘА РУСУРА АЗЫ АЗИНТӘ ШЬАҬА АԤҴАХОИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аԥсны жәлар Реизара-Апарламент аҿы «Иҷыдоу аекономикатә зонақәа рзы» иҟоу азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы ақәҵара рыдыркылеит.  

Азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы ажәалагалақәа рыдгалара ҟаиҵеит адепутат Бадрак Ԥлиа.

«Аекономика аҿиареи уи жәларбжьаратәи аекономикатә центр аҳасабала аҩаӡара ашьҭыхра астимул аҭареи ауааԥсыра рсоциалтә еизҳазыӷьара ашьҭыхреи атранспорттә (амшынтә, аихамҩатә, автомашьынатә, авициатә) инфраструктура, атуризм, жәларбжьаратәи ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа, Аԥсны зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку аҭыжьырҭақәа раԥҵара хықәкыс иҟаҵаны иҷыдоу аекономикатә зонақәа раԥҵара алыршахоит», - ҳәа иҳәеит Бадрак Ԥлиа.

«Зыдгалара мҩаԥысуа азакәан апроект ақыҭанхамҩатә аекономикатә иҷыдоу азонақәа раԥҵареи русуреи рзы азинтә регламентациа азԥхьагәанаҭоит. Иарбоу азакәан апроект инақәыршәаны, ас еиԥш иҟоу азонақәа зхашәалахәы ҳараку, аконкуренттә лшара змоу ақыҭынхамҩатә  еилазаарақәа рыҿиареи ақыҭынхамҩатә аалыҵ аус адулареи хықәкыс иҟаҵаны иаԥҵазар алшоит», - ҳәа иҳәеит Бадрак Ԥлиа.

Иара убас иҟоу азакәантә нормақәа ҩбарыла аилкаара ҟамларц азы  иаагозар, алогистикатә усура иадҳәалоу анормақәа еиҳа инҭкааны аиҭаҳәареи аилкаареи алзыршо хазы игоу аиҭакрақәа алагалахоит.

 


Прочитано 1382 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.