15-ноября-2022

АДЕПУТАТЦӘА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДАЧА «ПИЦУНДА» АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА АИҬАКРАҚӘА РАЛАГАЛАРА АЗҴААРА ИНАМАДАНЫ МОСКВА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АҾЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АИҾЦӘАЖӘАРАҚӘА РЫЛҴШӘАҚӘА РТӘЫ ЕИҬАРҲӘЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа АИХ рхаҭарнакцәа Москва имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа ртәы рзеиҭарҳәеитИахьа адепутатцәа Алхас Барцыц, Кан Кәарҷиа, Леонид Лакербаиа, Дауҭ Хәытаба  Апарламент аҟны АА Аиҳабыреи УА Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аобиект ахатәтәразы УА аҭареи уи ахархәара аԥҟарақәеи рзы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥыргеит.

Абҵарамза 10 рзы имҩаԥысит Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак инарҭбаау аилатәара. Уи хантәаҩра азиуан УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов.

Аилатәара аԥсуа ган аҟнытә иалахәын Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба , Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак алахәҩы Леонид Лакербаиа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак алахәцәа Адгәыр Ҳаразиеи Кан Кәарҷиеи, иара убас АА Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Урыстәылатәи аган аҟнытә аилатәараҟны иҟан: Аҳәынҭқарратә Дума Атәылахьчаразы аилак ахантәаҩы Андреи Картаполов, Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ицәырырго ахашәалахәқәа ирызку адыррақәа рҵабыргреи, амазареи амазаратә ҟазшьа змоу ахыдҵақәеи аконтроль рзура азҵаарақәеи амандаттә зҵаарақәеи рзы Акомиссиа  ахантәаҩы Оҭари Аршба, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәа рзы,  евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа аҽрымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин, иара убас УА анагӡаратә мчхара афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа.

 Адепутатцәа изларҳәаз ала, аԥсуа ган ирыднагалоит Аиқәшаҳаҭра атекст акоординаттә ҭыԥқәа рыхәҭаҟны аобиект ахьыҟоу адгьыл ҭыԥи уи иаԥну амшын аӡымҽхаки иҳәаақәа шьақәзыргыло аиқәымшәарақәа раарԥшра иадҳәалоу арҽеирақәа ралагалара.

Иара убас Аиқәшаҳаҭраҟны иарбоу азинтә нормақәа ралкаара хықәкыс иҟаҵаны, аԥсуа ган ирыднагалоит аурыс ган аобиекти, адгьыл ҭыԥқәеи, амшын ӡымҽхаки рыцәгара мамзаргьы ахԥатәи ахаҿқәа рыҭареи рзы азин шамам атәы зҳәо арҽеирақәа Аиқәшаҳаҭра атекст алагалара.

Апресс-конференциа алахәцәа Аҳәынҭдума алахәцәа иаҵшьны ираҳартә иҟарҵеит аԥсуа делегациа еицҿакны ирымоу агәаанагара атәы. 

Урҭ иазгәарҭеит урыстәылатәи аган иаанарԥшыз аилкаара, зыӡбахә ҳәаз аԥсахрақәа рганахьала аҿагылара шыҟарымҵо. Адепутатцәа АИХ ахаҭарнакцәа адырра рырҭеит имҩаԥысыз аилацәажәарақәа рзы,  Апарламент аҟны аиуристцәа алархәны ари Аиқәшаҳаҭра АА азакәанԥҵара инақәыршәаны аус адуларазы иҟоу алшарақәа рыҭҵаара нап адыркит.

Адепутатцәа иазгәарҭеит АА Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥсуеи аурыс парламентари реиԥылара инадҳәаланы имҩаԥнагаз аусура ду.   

 


Прочитано 1120 раз Последнее изменение 17.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.