14-ноября-2022

ГӘЫМСҬАТӘИ АҬОУРЫХ-КУЛЬТУРАТӘ ҲӘАРԤСАРРА «УАЗ-АБАА» ИАХЬАҴАНАКУА АИЛЫРГАРАТӘ УСМҨАԤГАТӘ МҨАԤЫРГЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә активистцәа абҵарамза 13 рзы, Гәымсҭатәи аҭоурых-культуратә ҳәарԥсарра «Уаз-абаа» иахьаҵанакуа, XII-XIV ашәышықәсақәа ирыҵанакуа  еихьӡылоу абааш ахыжәжәарақәа рааигәа-сигәа аилыргаратә усмҩаԥгатә мҩаԥыргеит.

Акциа аиҿкааҩцәас иқәгылеит Владимир Попов напхгара зиҭо урыстәылатәи аидгьылуаа азинтәии асоциалтәии ацхыраара рыҭаразы Ассоциациа.

Иарбоу аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ажурналистцәа, аҭоурыхдырҩцәа, акультуратә фонд «Платформа» алахәылацәа, иара убас егьырҭ атәыла ауааԥсыра.

«Ари акциа зегьы иаҳгәаланаршәоит закәытә тәылоу ҳазқәынхо, уи иамоу аҭоурыхи  ашәышықәсақәа ирылҵны ҳара ҳҟынӡа инаӡаз аҭоурыхтә баҟақәеи ртәы. Урҭ иреиуоуп – аҳәарԥсарра «Уаз-абаа». Ҳара ари абаҟа иааиуа абиԥарақәа рзы еиқәҳархароуп», –  ҳәа иҳәеит Владимир Попов.  Абааш «Уаз-абаа» ажәытәан акыр зҵазкуа астратегиатә ҵакы аман. Абааш аргылара аҭыԥгьы ус баша машәыршақә иалхӡамызт.  Ари ахырӷәӷәарҭа ахьгылоу ахра ааигәа-сигәа иҟоу атерриториақәа ирхыҳәҳәоит, иара убри ала аӷа иқәылара азы заанаҵы адырра аиуреи уи иҿагылареи рзы алшара аԥнаҵон. Иахьанӡа еиқәханы иааз ахыжәжәарақәа рыла иубаратәы иҟоуп араҟа ишыҟаз аҭӡы, уи усҟантәи аамҭазы абааш иаҿыкәыршан. Абааш аҩадатәи ахәҭа аҿы 18 метра инарзынаԥшуа  ажәҩан ахь ихалоит арратә ҟәарч аҭӡы. Уи акомплекс зегьы ихадоу ахырӷәӷәарҭаны иҟан.   Аҩбатәи аҟәарч ҳара ҳаамҭа аҟынӡа еиқәханы изымааит. Аха уи ахыжәжәарақәа рыла араҟа агарнизон амацәаз аҭатәазаараан рхы иадырхәоз абааш аҟынтәи акәара аҟынӡа имаӡоу аиасырҭа шыҟаз убаратәы иҟоуп.

Ианаамҭаз ари абааши уи ааигәа-сигәа иҟоу аҵакыреи ҭиҵаахьан еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхдырҩы-атәылаҿацәҭҵаҩы Иури Воронов.     

 

 


Прочитано 1242 раз Последнее изменение 14.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.