Ахәылбыҽха, абҵарамза 2 рзы «Амшынеиқәафымцамч» аҿы звольҳараку афымцацәаҳәа аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп ҳәа адырра ҟарҵеит. Аха асааҭ 18:00 рзы еиҭа афымцмач авариатә ҿыхра ҟалеит.
Фымцалашарада иаанхаз араионқәа ақәыӷәӷәара инақәыршәаны, иԥкны афымцамч ала еиқәыршәахоит.
Афымцамҩангага «Аҽгәара» аҿы жьҭаарамза, 2022 шықәса рзы ацәаҳәақәа ԥсахын. Уи иақәхарџьхеит 50 миллион мааҭ рҟынӡа. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь иарбоу афымцацәаҳәа аужьҭратә лшара 260 мегаватт рҟынӡа инаӡоит. Аиҭашьаеқәыргыларатә усурақәа рышьҭахь иарбоу афымцацәаҳәа аужьҭратә лшара 260 мегаватт аҟынтәи 300 мегаватт рҟынӡа еизҳар ауп.