АСПЕКТ

24-ноября-2022

АԤСНЫ АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛА: «ЗХЫ ИАҚӘИҬУ АЖӘА ИХЬЫԤШЫМ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АМИЛАҬТӘ МАЛНЫ ИҞОУП».

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы ицәырҵуа иалагаз, иҟоу азакәанԥҵара ӷәӷәала еилазго, ареспублика анагӡаратә мчра аусбарҭақәа аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа  русура рыҽрылагалара иадҳәалоу афактуа рганахьала  агәҭынчымра аанарԥшуеит.  

«Аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа раԥҵаҩы ихыҭҳәаау изинмчы ахархәарала, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа иарбоу амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа ирықәыӷәӷәоит.  Ас еиԥш аҭагылазаашьақәа инарымаданы, ажурналистцәа Реидгыла аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа  русура рыҽрылагалара азы азин  рымоуп ҳәа изыԥхьаӡо ареспублика анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа «Амассатә информациа ахархәагақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа ацензура амҩаԥгара шзамлыршахо ргәаланаршәоит. (Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәан ахәҭаҷ 3).

Ас еиԥш ацензура аҿырԥшы аҳасабала иааугар алшоит абҵарамза 23, 2022 шықәса рзы имҩаԥысыз Аԥсны ауаажәларра-политикатә мчрақәа Реизара аҿы ареспублика аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа  ржурналистцәа рыҟамзаара. Иҟоу адыррақәа рыла, амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа иарбоу аусмҩаԥгатә аҽалмырхәреи уи азы адырраҭарақәа рыҟамҵареи рзы адҵа роуит. Иарбоу афакт аредакциақәа русура аҳәаакра адагьы, «атәылауаа амассатә информациа ахархәагақәа рыла ауаажәларратә еидгыларақәа русура азы оперативла, иҵабыргу аинформациа аиура азы ирымоу азинқәа» (Амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәан ахәҭаҷ 35) еиланагоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг инапы зҵаиҩыз Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахьӡала  иҟаҵоу аҳәамҭа аҿы.

Ажурналистцәа Реидгыла ас еиԥш аилагарақәа зхы иаҭәазшьо амаҵурауаа ҩаԥхьа иргәаланшәоит аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа рзакәантә зинқәа рырмаҷра, иара убас ажурналистцәа русура аԥырхагахареи рзы, иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, алеишәатә лахьыҭареи ашьауӷатәи административтәи ахьырхәреи шазԥхьгәаҭоу. Ари амассатә информациа  ахархәагақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аилагара ауп. (амассатә информациа  ахархәагақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ахәҭаҷ 55).

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы, Аԥсны апрокурор Хада рахь Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа рзы Аԥсны азакәанԥҵара аилагара афакти, иара убас аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа рҿы ацензура ашьақәыргылареи иазырхоу ауснагӡатәқәа зыԥшра ҟамҵакәа азхьаԥшра арҭарц азы  официалла ааԥхьара ҟанаҵоит.

«Зхы иақәиҭу ажәа ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә малны иҟоу, уи ҳтәыла Аконституциа аҿы иарбоуп, иарбан ҭагылазаашьас иҟазаалакгьы раан, атәылауаа, ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәеи ԥымкрада аинформациа аиуреи аларҵәареи рзы ирымоу азинқәа реилагара алмыршазароуп», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа атекст аҟны. отмечается в заявлении.


Прочитано 1222 раз Последнее изменение 25.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.