Items filtered by date: Ашәахьа, 20 Лаҵара 2024
Акоманда «Аҟәа» анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҿы аҳәса ркомандақәа рыбжьара аиааира агеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акоманда «Аҟәа» анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҿы аҳәса ркомандақәа рыбжьара аиааира агеит. Афинал аҿы акоманда «Аҟәа» ахәмарыҩцәа гәдоуҭатәи анапылампылтә команда асчиот 3:2 ҳәа иаиааит.
«Аџьаз медал» азы аматч аҿы Пицундатәи акоманда агәыӡератәи анаплампыласыҩцәа ииааит асчиот 3:1 ҳәа.
Абырзен-римтәи еиқәԥара азы Аԥсны еизгоу акоманда Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәхара рҽазыҟарҵоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абырзен-римтәи еиқәԥара азы Аԥсны еизгоу акоманда аспортсменцәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәхара аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҿы Урыстәыла еизгоу акоманда иацны аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгақәа рхы аладырхәуеит.
Аизгақәа ирылагеит лаҵарамза 17 рзы. Урҭ рашәарамза 3 рҟынӡа имҩаԥыслоит.