«Даара ҳақәгыӷуеит Аза даҽа ҭыжьымҭак аԥҵара лыллыршап ҳәа», - илҳәеит Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор.
Амилаҭтә сахьатә галереиа анапхгаҩы Сурам Сақаниа, асериа «Аԥсны асахьаҭыхы.цәа» ах-шәҟәык томкны аҭыжьра ахәҭоуп ҳәа игәаанагара иҳәеит.
Автор лажәақәа рыла, ахԥатәи аҭыжьымҭа ацәырҵра машәыршақә иҟамлаӡеит.
«Аӡәырҩы аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа раԥхьатәи аҩ-шәҟәык ианымлаӡеит. Иара убас, 1980-тәи ашықәсақәа рынҵәамҭеи 1990-тәи ашықәсақәа ралагалмҭеи рзы Аԥснынтәи еиуеиԥшым амзызқәа рыла ицеит Диана Воуба, Рауф Барцыц, Сергеи Сангалови Ахра Аџьынџьали. Урҭ рҟызара акыр еицырдыруеит ааигәатәии инаскьоуи аҳәаанырцә аҟны. Сара исуалԥшьаны исыԥхьаӡеит урҭ ирызку аочеркқәа рыҩра», - ҳәа иазгәалҭеит Аза Аргәын.
Автор аминистр Даур Ақаҩба аԥхьа днаргыланы, акультура Аминистрреи Иарку Акционертә Еилазаареи «Аҟәафон-GSM» ашәҟәы аҭыжьраан иҟарҵаз афинанстә цхырааразы, иара убас апроект анагӡара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Зтираж 400 екземплиар рҟынӡа инаӡо ашәҟәы зеилкаара мариоу абызшәа ала иҩуп, уи инарҭбаау аԥхьаҩцәа рхыԥьаӡара иазкуп.