АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жәабран.2024

14 цыра амаининг-аппаратқәа Акәасқьа ақыҭан ирыԥшааит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа рыцны закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара иазку аусура аԥхьырҟәҟәаара иазкны аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан, Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭан Гаделиа Николаи Николаи-иԥа итәыз 14 цыра амаининг-аппаратқәа рыԥшааит.

Аиқәыршәагақәа зегьы аҿыхны Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи ахылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ашьҭаҵарҭа ахь инаргеит.


Read 209 times - Ахәаша, 16 Жәабран 2024 20:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.