Иахьазы иҳамоу абиуџьет алшарақәа рҟынтәи амилаҭтә шәарҭадара асистема аҭаххрақәа 100% рыла иахәҭоу аамҭа иақәыршаны анагӡара алыршахоит.
31.Ажьырныҳәа.2024
Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәеи атәылахьчара Аминистрреи рбиуџьеттә финансыркра хәҭа-хәҭала аизҳара мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит.
2020 шықәса инаркны Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәеи атәылахьчара Аминистрреи рбиуџьеттә финансыркра хәҭа-хәҭала аизҳара мҩаԥысуеит.
3 шықәса рыла, 2020 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа, атәылахьчара Аминистрра азы аныхтәқәа 357 млн. мааҭ рҟынтәи 716 млн. мааҭ рҟынӡа иазҳаит. 2024 шықәсазы иарбоу Ахылаԥшырҭа афинансыркра 730 млн. мааҭ рҟынӡа иазԥхьагәаҭоуп», - ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.