Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 20-21 рзы аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи иҟарҵаз адгыларала ирыцҵахеит традициала имҩаԥгахо ашахматқәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы реитингтә еицлабрақәа «Алашара – иқәыԥшу агәыӷырҭақәа». Урҭ рхы аладырхәит 90 - ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа.
8 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Ҭҟьебучаа Давид (ақ.Аҟәа), Гәылариа Емили (ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит – Хьынҭәба Глеб (ақ.Гәдоуҭа), Папба Адель (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит – Хуснутдинов Димир (ақ. Аҟәа), Адлеиба Амели (ақ. Аҟәа).
14 шықәса зхымҵыц аспортсмен ҿарацәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит – Топчиан Армен (Гәылрыԥшь араион), Марченко Полина (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит – Жирков Герман (ақ. Аҟәа), Смыр Мирра (ақ.Афон Ҿыц), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит – Абанос Емир ( ақ.Гагра), Шалина Дариа (ақ. Аҟәа).
Аԥхьахәгаҩцәа зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, иара убас аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.