Ани аԥшқеи ргәалаҟазаара бзиоуп.
01.Ажьырныҳәа.2024
Ҳазҭалаз 2024-тәи ашықәс азы раԥхьа ииз ахәыҷы- дыӡӷабуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭалаз 2024-тәи ашықәс азы раԥхьа ииз ахәыҷы - Адлеиаа рҭаацәараҿы ииз ӡӷабуп. Ахәыҷы ашықәс ҿыц ауха асааҭ 3:00 рзеиԥш Аҟәатәи ахшараиурҭа аҿы диит.