АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа русеицура аихшьаалақәа ҟарҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра жәларбжьаратәи аусеицура Аусбарҭа аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа 2023 шықәсазы русеицура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аганқәа аусеицура алҵшәа бзиақәа шамаз азгәарҭеит, иара убас иааиуа ашықәс азы аусеицуразы азԥхьагәаҭарақәа ирылацәажәеит.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟынтәи аиԥылара ихы алаирхәит аминистр иабжьгаҩ хада, амилициа аподполковник  Инал Маршьаниа.

Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭон жәларбжьаратәи аусеицура Аусбарҭа анапхгаҩы, аҩныҵҟатәи амаҵзура аинрал-маиор Роман Терентиев.

 


Read 313 times - Аԥшьаша, 28 Ԥхынҷкәын 2023 13:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.