АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Абҵара.2023

Аԥсны амчратә структурақәа Азанҭа ақыҭа иахьаҵанакуа аԥшаарақәа мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Азанҭа ақыҭа иахьаҵанакуа  адиверсиатә гәыԥ ыҟазар алшоит ҳәа иаларҵәаз адыррақәа рышьҭахь, атәыла амчратә струтурақәа рхаҭарнакцәа ари аинформациа ахьынӡаҵабыргу аилкааразы иарбоу ақыҭа ахь идәықәлеит, ҳәа аинформациатә агентра «Аԥсны-иахьа»  адырра аиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.  

Иаха ашамҭанӡа амчратә структурақәа русзуҩцәа аҭыԥ зегьы еимырдеит. Ахархәара аиуит ашьаҟауаа ротриадқәеи авиациеи.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба инапхгарала имҩаԥгаз аԥшаарақәа рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба.

Аԥшаарақәа ахьымҩаԥсуаз аҭыԥ ахь инеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иҟаиҵаз адыррақәа рыла, имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа рыла адиверсиатә гәыԥ аҟазаара зырҵабыргуа ҳәа макьаназы акгьы шьақәыргылаӡам. Аԥшаарақәа ирыцҵахоит.

 ___

Аԥсны амчратә структурақәа Гәылрыԥшь араион иахьаҵанакуа бџьарла еиқәных иҟоу ауаа рыԥшаара иаҿуп, ҳәа абҵарамза 8, ахәылбыҽха Sputnik-Аԥсны ахь адырра ҟаиҵет атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут. Уи иажәақәа рыла, аҭыԥантәи ашәарыцаҩцәа Азанҭа ақыҭа иахьаҵанакуа быжь-ҩык рҟынӡа абџьар зкыз ауаа рылаԥш рықәшәеит.

«Дара аҳәаанырцәтәи абџьар ркын, ҳгәаанагарала уи автоматқәа М-4 роуп, еиқәаҵәоу амаҭәа ршәын, асабрадақәа рҿан, ибзианы арратә маҭәахәқәа рыла еибыҭан. Урҭ иара убас акоптер рыман, уи аҭыԥ иахаԥыруан», - ҳәа еиҭеиҳәеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.


Read 170 times - Аԥшьаша, 09 Абҵара 2023 19:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.