АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жьҭаара.2023

Анас Кьышьмариа Москва ақалақь аҿы азинхьчаратә конференциақәеи аиԥыларақәеи лхы алалырхәит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз VII Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы ицәырҵуа апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәала аимадара», иара убас агәабзиарахьчареи амедицинатә цхыраареи ирызку Аомбудсменцәа Евразиатәи ралианс аилатәареи лхы алалырхәит.  

Агәабзиарахьчареи амедицинатә цхыраареи ирызку Аомбудсменцәа Евразиатәи ралианс есымшатәи алахәылацәа – Ермантәыла, Иран, Монголиа, Казахсҭан, Кыргызсҭан, Сербиа, Узбекьысҭан, Урыстәыла, Таџьыкьысҭан рнаҩс –  анаԥшыҩцәа раҳасабала аилатәара рхы аладырхәит Аԥсны, Азербаиџьан, Бахреинтәи Акарла,  Малавиа,  Мали, Туркменисҭан, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Белоруссиа аҟынтәи ахаҭарнакцәа, иара убас  Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи амчрақәа русбарҭақәа рхаҭарнакцәа.  

Аконференциа «Ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы ицәырҵуа апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәала аимадара» Ауаҩы изинқәа рзы Азеиԥш деклорациа 75-шықәса ахыҵра иадҳәаланы имҩаԥысит.  Афорум рхы аладырхәит Азиа, Африка, Европа, Лаҭынтәи Америка, уҳәа 47 тәыла рҟынтәи аомбудсменцәа, иара убас  жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи амчрақәа русбарҭақәа рхаҭарнакцәа, адипломатцәеи атәыла-алахәылацәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рҟынтәи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу.

Аконференциа алахәылацәа рахь адныҳәаларақәа нарышьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин, Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко, Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Ари аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Татиана Москальковеи Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариеи.

Анас Кьышьмариа лажәахә атекст VII Жәларбжьаратәи аконференциа абиуллетень аҿы икьыԥхьхоит.

Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Венесуелеи ромбудсменцәа рыбжьара аилибакаара азы Амеморандум анапаҵыҩра мҩаԥысит.

Москва ауааԥсыра рзинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Татиана Потиаева Анас Кьышьмариа  Москватәи аҳәынҭқарратә Дума ахыбраҿы иҟоу лофис ахь ааԥхьара лылҭеит. Ахәаша, жьҭаарамза 20  рзы имҩаԥысыз Аԥсни Москвеи ромбудсменцәа рыбжьара  аусуратә еиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны азиқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу раппаратқәа русеицура азы аиқәшаҳаҭра бжьаҵан. Анас Кьышьмариеи Татиана Потиаевеи иара убас аԥсуа ган азы актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Татиана Потиаева ишьҭыхыз азҵаарақәа рыӡбараҿы ацхыраара аҭара шыҟало азгәалҭеит. Анас  Кьышьмариа москватәи лколлега ианылзыманшәалоу аамҭа азы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу лаппарат аусура аилкаара азы Аԥсныҟа ааԥхьара лылҭеит.  

 

 


Read 263 times - Ашәахьа, 23 Жьҭаара 2023 20:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.