Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы административтә усқәеи админитративтә зинеилагарақәеи рзы Ахашшааратә коллегиа аилатәара мҩаԥысит. Аилатәара Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа рашәарамза 29, 2023 шықәсазы иаднакылаз азыӡба аганахьала иҟаиҵаз ахашшааратә зыҳәамҭа ахәаԥшра иазкын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иреҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура.
Аус ахәаԥшра ашьҭахь, Ҭарба О.Р.(ахантәаҩы), аӡбаҩцәа: Адлеиба Е.А. , Цәышба М.С. ( Цәышба М.С иҷыдоу игәаанагара ҳасаб азурала) рыла зеилазаара шьақәгылаз Аазашшааратә коллегиа актәи аинстанциа аӡбарҭа азыӡба ԥсахрада иаанажьит. Убас ала, Аҟәа ақалақь Ахадара азыҳәамҭа иақәшаҳаҭхеит, Аҟәа ақалақьтә Еизара Аҟәа ақалақь аплан Хада ашьақәырӷәӷара ҟалаанӡа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа акапиталтә ргыларақәа рзы азин аҭара аамҭала аанкыларазы абҵарамза 12, 2009 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭа № 127 (370) азинмчы амаӡам ҳәа иԥхьаӡахеит.
Рашәарамза 29 рзы Аҟәа ақалақь аӡбарҭа Аҟәа ақалақьтә Еизара абҵарамза 12, 2009 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭақәа №126, 127 азинмчы рымаӡам ҳәа аԥхьаӡаразы аӡбамҭа аднакылеит.
Ақалақьтә Еизара аӡбамҭа №126 аидарақәа рыдкылара иазку амшынтә баӷәаза инаркны амшын аԥшаҳәа ала Басла аӡиас аҟынӡа, амшын аҟынтәи Имам Шамиль имҩеи Аҭынчра апропекти Лакоба имҩадууи рҟынӡа акапиталтә ргыларақәа рзы азин аҭара аамҭала аанкылара иадҳәалоуп.
Аӡбамҭа №127 иарбоу атерриториа аҿы иргылахо ахыбрақәа раҳаракыра 16 метра раасҭа аиҳамхара азы аԥҟара шьақәнарӷәӷәоит.