Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023. Аԥсныпресс. Цәыббрамза,2023 шықәсазы планла иазԥхьагәаҭаз 247,3 млн. мааҭ аан иахыԥхьаӡалаз аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ 388 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убас ала, цәыббрамзазы аплан нагӡахеит 157% рыла. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.
Иҳаҩсыз ашықәс цәыббрамза иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ҳазҭоу ашықәс азы иахыԥхьаӡалахаз аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ 127,9 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. (Цәыббрамза, 2022 шықәсазы – 260,1 млн. мааҭ).
Ҳазҭоу ашықәс жәымз рыла аҳазылхратә усбарҭақәа иахырыԥхьаӡалеит 2 млрд 698 млн. мааҭ рҟынӡа аҳазылхратә шәатәқәа. Уи 2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны ухәаԥшуазар, 555,6 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Убас, 2022, шықәса 9 мыз рыла иахыԥхьаӡалахеит 2 млрд. 142,4 млн. мааҭ.
2023 шықәса 9 мыз рыла аплан арбага 128% рыла инагӡоуп.