АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Жьҭаара.2023

Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови аҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭақәа рыбжьара аконсультациақәа Рыплан рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови  2024-2025 шш. рзы аҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә  Хылаԥшырҭақәа рыбжьара аконсультациақәа Рыплан рнапы аҵарҩит.   

Анапаҵыҩра мҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа далархәны.

Аҩганк еицырзеиԥшу аконсультациақәа Рыплан ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭақәа рыбжьара адәныҟаполитикатә усура аинформациатә ацныҟәара, аконференциақәа реицымҩаԥгара, акультуратә, аспорттә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара азԥхьагәанаҭоит.

Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит иарбоу атемақәа рыла иааиԥмырҟьаӡакәа аконсультациақәа рымҩаԥгара. Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи  рыдәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭақәа ирыбжьарҵаз аҩганк еицырзеиԥшу аконсультациақәа Рыплан атәылақәа рыбжьара аҳәынҭқаррабжьаратәи адиалог арӷәӷәара иацхраауеит ҳәа агәҭакқәа ыҟоуп.  


Read 204 times - Аҩаша, 03 Жьҭаара 2023 21:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.