АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Лаҵара.2022

ИНАЛ АРӠЫНБЕИ УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ ШЬАМТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ РИАД ХАДДАТИ ЕИԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2022шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵара 25 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддати еиԥылеит.

Аганқәа злацәажәоз азҵаарақәа иреиуан Аԥсны ААР ахада Шьамтәыла иаҭаара, уи аан адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара аполитикатә консультациақәа русхк аҟны аилибакаараз Амеморандум анапаҵаҩра.

Адипломатцәа реиԥылара мҩаԥысит 2018 шықәсазы Шьамтәылатәи Арабтә республика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 4 шықәса аҵра аламҭалаз. Иара убасҟан ишьақәыргылан адипломатиатә еизыҟазаашьақәагьы.


Read 619 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.