АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Нанҳәа.2023

Аҟәа ақалақь абиуџьет 87,6 млн. мааҭ рыла иацҵахеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 18 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара изаамҭанытәиим аизара 2023 шықәсазы  Аҟәа ақалақь абиуџьет аиҭакрақәеи ацҵақәеи рлагалара иазкын.  

Адепутатцәа ирыдгалан аҳҭнықалақь абиуџьет ахашәалахәытәи аныхтәи ахәҭақәа 87 млн. 624 нызықь мааҭ рыла аизырҳара. Иарбоу аԥаратә хархәагақәа иҷыдоу атехника аахәара, аргыларатә усурақәа рымҩаԥгара, иара убас Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара инақәыршәаны, абиуџьеттә усхкы аҿы аус зуа ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхреи рзы рдәықәра азԥхьагәаҭоуп.   

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ақалақь абиуџьет ахатәы хашәалахәытә хәҭа 65 млн. мааҭ рыла инацҵаны инагӡоуп. Иарбоу аицҵалыҵ аҟынтәи  35 млн. мааҭ аиқәыршәагақәеи иҷыдоу атехникеи раахәара азы, 30 млн. мааҭ аҵыхәтәантәи аамҭазы аргыларатә материалқәеи абитуми рыхәԥса ахьхалаз инамаданы зхарџьынҵа ацлаз аргыларатә усурақәа рынагӡаразы  азоужьра азԥхьагәаҭоуп.  Даҽа 20 млн. мааҭ  – ари 14 млн. мааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи асубсидиақәеи 6 млн. мааҭ ахашәалахәытә шәахтәи ауп.  

Адепутатцәа Адыгатәи амҩала, аҵаргәатә ҭыӡқәа руак ахьыбгаз имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы ахарџьгьы абиуџьет алагалара азы ажәалагала ҟарҵеит.  

Адепутат Давид Чхеиӡе ақалақь Ахадара Адыгатәи амҩа азааигәара ииасны ицо аӡиас хәыҷы аӡышьҭра арыцқьара инамданы имҩаԥнагаз аусурақәа рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Имҩаԥгаз аусурақәа ирыбзоураны ақәыршыҩ анауз ашьҭахь ауааԥсыра аӡы рыҵамлаӡеит.

Ақалақьтә Еизара адепутатцәа иара убас аҳҭнықалақь ашәахтә Инспекциа аусурагьы азгәарҭеит.

Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, ақалақь аҿы иӡбамкәа иаанханы иҟоу азҵаарақәа даара ирацәоуп, аха урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп зыԥшра ҟамҵакәа иӡбатәу ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа реиҳараҩык аҳҭнықалақь абиуџьет аиҭакрақәа ралагаларазы рыбжьы рҭиит. Аизара иалахәыз 14 - ҩык адепутатцәа рҟынтәи 12-ҩык аиҭакрақәа ралагалара иақәшаҳаҭхеит, аӡәы – дақәшаҳаҭымхаӡеит, даҽаӡәы абжьыҭира иҽалаимырхәӡеит.  

Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҟәа  ақалақь  Ахадара  аофициалтә саит.

 

 


Read 466 times - Амҽыша, 20 Нанҳәа 2023 14:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.