АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Ԥхынгәы.2023

Алхас Кәыҵниа Сандинисттәи Ареволиуциа ҟалеижьҭеи 44-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Ацҳаражәҳәарҭа адипломатцәа ицны  Сандинисттәи Ареволиуциа ҟалеижьҭеи 44-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.  Аныҳәатә дкылара мҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә  рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа аҿы акредитациа змоу адипломатиатә корпусқәа рхадацәеи амаҵурауааи, иара убас еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа.  


Read 716 times - Ахәаша, 21 Ԥхынгәы 2023 11:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.