АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынгәы.2023

Иахьа Аурыс драматә театр аҿы аспектакль «Роман с кокаином» аԥхьарбара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абар шьҭа акгьы агым иахьа, Аҟәа ақалақь аҿы уажәраанӡа амаӡа «иҭалаҳәаз» ахҭысгьы аҟалара: ахәаша, ԥхынгәымза  14 рзы Аурыс драматә театр асценаҿы имҩаԥысит аусумҭа ҿыц апресс-рбара. Иахьагьы атеатр абзиабаҩцәа ирзыԥшуап XX ашәышықәсазы иаԥҵаз, иџьашьаху, уамашәа еиҿартәоу, иара убри аамҭазы иаарту ароман ала иқәыргылоу аспектакль «Роман с кокаином» аԥхьарбара.   

Аспектакль ықәиргылеит иара убас асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ иаҳасабала дықәгылеит аусуразы атеатр ахь ааԥхьара зауз арежиссиор Роман Кочержевски, алашара азы асахьаҭыхыҩ - Константин Бинкин, авидеосахьаҭыхыҩ - Игорь Домашкевич, акостиумқәа рзы асахьаҭыхыҩ – Наталиа Шпанова.

Аспектакль иалахуп атеатр атруппа аҿар биԥара ахаҭарнакцәа:  Емиль Петров (Вадим), Екатерина Барышева (Ан), Милана Ломиа (Нелли/Кокаин), Ирина Делба (Ахәыҷхылаԥшҩы/Китти), Мадлена Барцыц (Сониа), Лоида Ҭырқьба (Зиночка/Идырым аҭыԥҳа), Кирилл Шишкин (Иаг), Осман Абыхәба (Буркевиц), Рубен Депелиан (Штеин), Руслан Жьиба (Аизенберг/Мик), Саид Лазба (Апап/Хирге).

Ахәаԥшцәа ирбаз иззыԥшыз иамеижьеит.  Атеатр актиорцәа русумҭа ҿыц жәаҳәарада акыр ацәыныррақәеи адискуссиақәеи цәырнагараны иҟоуп, избан акәзар, актиорцәа асценаҿы иҵабыргны иаадырԥшуа рфырхацәа рцәаныррақәа иааџьаушьаратәы иахьа ҳара ҳаԥсҭазаара иақәшәоит, уи уамакала иазааигәоуп.  Адунеи, амзар аҿы иарбоу иарбан аамҭазаалакгьы, ииасхьоу аамҭазы еиԥш уажәгьы азныказы имариоу аихьӡарақәеи агәҭакқәа рынагӡара лалыршаразы агәра унаргоит, ухнаԥаауеит, ухнахуеит, аха нас, ирыцҳашьарадоу арымарыдарала агәацәцара атымеитыша уҭанажьуеит.  Ажәакала иуҳәозар, ахықәкы анагӡара  асахьашьареи алабҿабареи, - абри ауп изызку ароман «Роман с какаином», абри ауп изызку – уи еихьӡылоу аспектакль.

Аԥхьарбара авторцәа, аидеиа автор – атеатр адиректор хада Иракли Хьынҭәба  уахь дналаҵаны, аматериал рхатәы знеишьа, рхатәы гәаанагара, рхатәы еилкаара рымоуп. Уи ҳара ҳгәаанагара иахьанӡақәшәо атәы ахәаԥшцәа иаҳзеиҭарҳәап.

Апресс-рбара аламҭалазы арежиссиор Роман Кочержевски ишазгәеиҭаз ала, иара даара изыманшәалан аԥснытәи иколлегацәа аус рыцура. Уи актиорцәа разыҟаҵареи иҳараку рзанааҭтә ҩаӡареи рнаҩс, акомманда аҿы аусуразы рылшара аԥхьанатә иазгәеиҭеит.

«Актиорцәа даара исыцхраауан, ҳара еицаԥаҳҵон асценақәа. Аусура иазыԥҵәаз аамҭа шмаҷызгьы, зегьы ргәа ацԥыҳәаны аус руан, еицхыраауан, уи аиашазы даара насыԥ дууп», -ҳәа иҳәеит иара.

Аспектакль аҿы раԥхьаӡа акәны ахархәара аиуит атехнологиа ҿыцқа, уи моу амаруга ҿыцқәагьы аахәан. Ҳамаӡақәа зегьы макьаназы иааҳартӡом. Аԥхьарбара агәырԥсаҳәара шәзаанагааит.

Иулиа Соловиова, агазеҭ «Республика Абхазия». 


Read 292 times - Ашәахьа, 17 Ԥхынгәы 2023 12:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.