Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса актәи азыбжа азы аҳазылхратә усбарҭақәа рыла иахыԥхьаӡалахеит 1,5 млрд. мааҭ инареиҳаны (115%) аҳазылхратә шәатәқәа, уи аплантә рбагақәа раасҭа 195,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп.
Аплан акцизтә шәахтә ада, аҳазылхратә шәатәқәа рыхкқәа зегьы рыла анагӡара алыршахеит.
Структурала иахыԥхьаӡалоу аҳазылхратә шәатәқәа рымҽхак шьақәгылоуп:
— аҳазылхратә баџь – 295,5 млн. мааҭ;
— аҳазылхратә еизгара – 228,3 млн. мааҭ;
— акцизтә шәахтә – 106,5 млн. мааҭ;
— Иназыцҵоу ахәԥса ашәахтә – 873,8 млн.мааҭ;
— егьырҭ ашәахтәқәа, ахараԥсақәа, ақәынкылақәа, уҳәа егьырҭ ашәатәқәа рыхкқәа – 1,9 млн. мааҭ.
Иҳаҩсыз ашықәс азы имҩаԥгаз ашәатәқәа рхыԥхьаӡалара иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ҳазҭоу ашықәс азы 154,4 млн. мааҭ рыла еиҳаны иахыԥхьаӡалахеит. Иарбоу аизҳара атауареикәыршара амҽхак аизҳара еиԥш ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы иалагалаз алагаратә ҳазылхратә баџь ақәҵақәа рышьҭыхреи ирыдҳәалоуп.