Ҳазҭоу ашықәса лаҵарамза инаркны Аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Адлер-автомҩатә» аҿы урыстәылатәи аҳазылхырҭа аԥснытәи автомашьынарныҟәцаҩцәа рахь, аиуристтә хаҿқәагьы уахь иналаҵаны, апассаџьырцәеи аидарақәеи рыиагара инамаданы иназыцҵоу адҵақәа ықәдыргыло иалагеит.
Аилатәара аҿы аҿыц лагалақәа иаҵанамкуа автомашьынарныҟәцаҩцәа ркатегориақәа ирылацәажәеит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ицәырҵыз азҵаара аҭышәынтәалара азы Урыстәыла Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзуреи атранспорт Аминистрреи рақәыршаҳаҭра азы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа рзы адырра ҟалҵеит.
Аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара жәларбжьаратәи аиагарақәа иашьашәалоу анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра рыла иахьҳәаақәҵахо, насгьы иҿыцу алагалақәа жәларбжьаратәи аиагара мҩаԥызго аҳәаа ианахысуа ауадаҩрақәа ахьрызцәырнаго инамаданы, атәыла аԥыза-министр аамҭа кьаҿ иалагӡаны урыстәылатәи аган азинмчы змоу аусбарҭақәа рҿы аилацәажәарақәеи аконсультациақәеи рымҩаԥгара азы адҵа ҟаиҵеит.
Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилкы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов.