АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Рашәара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа аԥсуа-қырҭуа еиҿагылара азона аҿы аҭынчра ашьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара  Аколлективтә мчрақәа Аԥсныҟа ралагалара ҟалеижьҭеит  29 -шықәса ҵуеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭанакреи русзуҩцәа,  атәылахьчара Аминистрра, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа Акоординациатә Хеилак ахаҭарнакцәа, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада Виссарион Аԥлиаа  1994 - 2008 шш. рзы Аԥсны абжьаҟазаратә миссиа назыгӡоз Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа аруаа рбаҟа амҵан ашәҭ  шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Абжьаҟазаратә (аҭынчраԥҵаратә) архәҭақәа рыруаа рбаҟа аадыртит аҟәатәи аԥшаҳәа аҟны арегионбжьаратә уаажәларратә еиҿкаара «Иҭыԥырку аибашьрақәеи бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәеи рветеранцәа Рхеилак «Аҭынчраԥҵаҩы»» аԥшьгарала ԥхынҷкәынмза 8, 2017 шықәсазы.  Абаҟа автор – аскульптор, Урыстәыла жәлар рсахьаҭыхҩы Владимир Суровцев.

Аԥсны аҭынчрашьақәыргыларатә операциа 1994 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа имҩаԥысуан. Урыстәылатәи аҭынчраԥҵаҩцәа аԥсуа-қырҭуатә еиҿагылара азона иалагалан рашәарамза  21, 1994 шықәсазы. Уи лаҵарамза  14, 1994 шықәсазы  «Аибашьра аанкылареи арратә мчқәа реидыгареи рзы» Москва  ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иҟалеит. Аиқәшаҳаҭра аԥсуа-қырҭуа еиҿагылара азона аҿы аҭынчра ашьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара  Аколлективтә мчрақәа раԥҵара азԥхьагәанаҭон. Аха аҭынчшьақәыргыларатә усура ауадаҩра зегьы 14 шықәса ирылагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа аруаа ракәын иназыгӡоз.

Аиҿагылара азона аҿы аҭынчра ашьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара  Аколлективтә мчрақәа Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу аҳәынҭқаррақәа  рхадацәа Рхеилак амандат инақәыршәаны абжьаҟазаратә миссиа нарыгӡон.

Урҭ еиҿагыло аганқәа реидыгара ацәаҳәа зегьы иахьаҵанакуа игылан, зоура 85 километр рҟынӡа инаӡо, зыҭбаара -  24 километр инаӡо Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахылаԥшра нарыгӡон. Аԥсны абжьаҟазаҩцәа (аҭынчраԥҵаҩцәа) ртәарҭа Қырҭтәыла иаԥну Гал араион аҿы иалхын. 

Аҭынчрашьақәыргыларатә операциа амҩаԥгара аамҭа иалагӡаны аконфликт азона аҿы иҭахеит 117-ҩык урыстәылатәи аруаа. Аиҿагылара азона аҿы аҭынчра ашьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара  Аколлективтә мчрақәа рыштаб ахьыҟаз, Москватәи  арратә округ асанаториа «Аҟәа» аҵакыраҿы иҭахаз зегьы рыхьӡқәа згәылԥҟоу амемориалтә хаҳә шьақәыргылоуп.

Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Аԥсны ралгара хацыркын жьҭаарамза 20, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерциа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара аныҟала ашьҭахь.

Жәиԥшьықәса ирылагӡаны Аԥсны имҩаԥысуаз аҭынчшьақәгыларатә миссиа зынӡа рхы аладырхәит   70 нызықь ҩык ауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла Аҳаир-десанттә архәҭақәа, Арра-Ҳаиртә мчқәеи Арра-Мшынтә Флоти рыруааи аҳақьымцәеи атәылауаҩратә специалистцәеи.  2,5 нызықьҩык урыстәылатәи аҭынчраԥҵаҩцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьахеит.

 

 

 


Read 213 times - Ахаша, 21 Рашәара 2023 20:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.