Аҟәа. Рашәарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Ахадара 840 метра инарзынаԥшуа амшаҳәеи ашьаҟамҩатә цаҳәақәеи реиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа мҩаԥнагеит. Ажурналистцәа дрыҿцәажәо абри азы адырра ҟаиҵеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышба.
«Араион Ахадара амчқәа рыла 840 метра инарзынаԥшуа аԥшаҳәеи ашьаҟамҩатә цаҳәақәеи еиҭашьақәдыргылеит. Ашьаҟамҩақәа ҿыцны хаҳәцәыла ичаԥан, аҵаргәатә ҭӡы рӷәӷәан. Хара имгакәа арлашагатә фонарқәа аҿыцқәа рыла иԥсаххоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Адамыр Ҵышба.
Иара убас, араион Ахадара Гагра ақалақь иахьаҵанакуа ашьапыламҩақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит. 2400 метра рҟынӡа инаӡо Гагрыԥшь аӡиас аҟынтәи Жоикәара аӡиас аҟынӡа инагоу ашьаҟамҩа ҿыц хаҳәцәыла ичаԥоуп.
«Иԥсаххеит 4 нызықь квадраттә метра рҟынӡа ахаҳәцәы ԥсахын, иҿыцу ацәхыԥқәа шьақәыргылан», - ҳәа иҳәеит Адамыр Ҵышба.
Аԥшаҳәа ацәаҳәа аиҭашьақәыргылареи ахаҳәцәы аԥсахреи ирықәхарџьхеит 70 млн. мааҭ инарзынаԥшуа. Аԥаратә хархәагақәа зегьы араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьхеит.
Еицырдыруа Гагратәи аколоннада аҿаԥхьа уажәы ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра мҩаԥысуеит.
Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Строй Центр проект» апрораб Арзамеҭ Кәаӡба иажәақәа рыла, иахьазы 250 квадраттә метр рҟынӡа иажәхьоу ашьаҟамҩатә хаҳәцәи ацәхыԥқәеи рықәгара мҩаԥгоуп.
«Уажәы ҳара ашьаҟамҩатә хаҳәцәы ақәҵара ҳалагеит. Аусурақәа зегьы ҩымчыбжь ирылагӡаны рхыркәшара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», – ҳәа иҳәеит Арзамеҭ Кәаӡба.