АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Рашәара.2023

Аҟәа ақалақь апрокуратура Руслан Агрба иԥсҭазаара алҵра инамаданы агәаҭара мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Рашәарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь апрокуратура рашәарамза 19, 2023 шықәсазы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа  акамера №12 аҿы иҭакыз Руслан Радион-иԥа Агрба иԥсҭазаара алҵра инамаданы агәаҭара мҩаԥнагоит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиз аоператив-усеилыргаратә гәыԥ, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа  акамера №12 аҿы ирбеит зыԥсҭазаара иалҵхьаз Агрба Р.Р. аҽшьра аҟазшьа зныԥшуаз иԥсыбаҩ.  

Уи аԥхьа, рашәарамза 16, 2023 шықәсазы Агрба Р.Р. Аԥсны Атәылауаҩратә Закәанеидыла ахәҭаҷ 224 ахәҭа апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (анаркотикатә маҭәашьарқәа, арҩышьыгатә маҭәахәқәа, мамзаргьы урҭ раналагқәа изакәанымкәа раарыхра, рҭыжьра, аус рыдулара, рыҵәахра, рыиагара, анаҩстәи аҭиразы реиҭарсра) аҿы дыгәҩароуп ҳәа даанкыланы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днаган.  

Рашәарамза 19, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ақалақь ӡбарҭа Агрба Р.Р. иганахьала аҭакрала ахьырхәра изалхын.  

Агәаҭара алҵшәақәа рыла апроцессуалтә ӡбамҭа рыдыркылоит, анаҩс иназыцҵоу адыррақәагьы ҟалоит.


Read 237 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.