Уи иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала Аԥснытәи Аихамҩа хымш ирхымгакәа аусурақәа хнаркәшароуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара иахьатәи аҵх иалагӡаны аусурақәа зегьы рхыркәшара ҳалшап ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Акгьы ҳԥырхагамхар, иарбоу аграфик ҳақәшәо ҳаауеит. Уи зегьы зыҟаҳҵо адәыӷбақәа роужьҭра алыршахарц азы ауп. Аха аидарақәа аихамҩала роужьҭра адагьы ҳара мҽхакы ҭбаала егьырҭ аусурақәагьы ҟаҳҵараны ҳаҟоуп. Зегьы ирыцку – аихамҩа еиҭашьақәыргыланы апассаџьыртә дәыӷбақәеи аидарамҩангагатә дәыӷбақәеи рныҟәара алыршара ауп», – ҳәа иҳәеит Леонид Ҟәыруа.
Леонид Ҟәыруа иҟаиҵаз аинформациа ала, аихамҩақәыԥса арыцқьара ашьҭахь, Аԥснытәи Аихамҩеи Урыстәылатәи Аихамҩақәеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, иҷыдоу авагон-мҩашәага ацхыраарала амҩа ахьынӡахиоу агәаҭара мҩаԥгахоит.
«Уи алаборатортә гәаҭарахоит. Аихамҩа аусура аиҭалагара азы егьырҭ агәаҭарақәагьы мҩаԥгахоит», – ҳәа иҳәеит Леонид Ҟәыруа.
Иахьазы Аԥсныҟа иаауа апассаџьыртә дәыӷбақәа «Москва – Аҟәа», иара убас «Санкт-Петербург – Аҟәа аихамҩатә станциа «Цандрыԥшь иаанкылоит. Аԥснытәи Аихамҩа аԥсабаратә рыцҳара аныҟала раԥхьатәи амш инаркны адәыӷбақәа рпассаџьырцәа зегьы автотранспорт ала рымҩа ахьынӡахо астанциақәа рҟынӡа рнагара еиҿнакаауеит.
Афымцадәыӷба «Ласточка» ареисқәа аамҭала иаанкылоуп.
Рашәарамза 14 рзы, ашьыжь шаанӡа, асааҭ 5 инарзынаԥшуа Гагра ақәыршыҩ ӷәӷәаны иауит. Илеиз ақәыршҩи аӡыҳәынҵәатә ҩарӡқәеи ирыхҟьаны ареспубликатә трасса ахәҭаки ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаки ааха роуит.