АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2023

Лаҵарамза 21 азы адгьылбжьаха Қефқен Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рыхьӡала агәаларшәагатә баҟа аартра мҩаԥгахоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 21 азы адгьылбжьаха  Қефқен Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рыхьӡала агәаларшәагатә баҟа аартра мҩаԥгахоит.  

Аусмҩаԥгатә ахы аланархәуеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациеи Аԥсны аџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩи.

Зоура жәаметрак рҟынӡа инаӡо абаҟа - Елиф Қьецба лхаҿсахьала ишьақәыргылоу агәаларшәагатә баҟа ҭырқәтәылатәи адгьылбжьаха Қефҭен ишьақәыргылоуп.

Аџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа иажәақәа рыла, амҳаџьыраа ргәалашәаразы абаҟа аргылара аидеиа цәырҵиижьҭеи акрааҵуеит.  Уажәы уи абаҟа ықәыргылоуп Қоџьаели анапхгара иҟанаҵаз адгылареи Ҳасан Қардиа напхгара зиҭо Аԥсуа культуратә центр ацхыраареи рыла. «Абаҟа аагара ус мариамызт. Уи хәҭа-хәҭала иааганы аҭыԥаҿы еиқәыршәахеит. Аусурақәа ақалақь ажандармериеи атранспорттә полициеи  алархәны имҩаԥысуан», – ҳәа иҳәеит Асҭамыр Багаҭелиа.

Ари абаҟа ахьыргылахаз Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апровинциа Қоџьаели Қандыра араион Қефқен Бабалы ақыҭаҟны иҟоуп Кавказтәи аибашьра Ду иалаӡыз рыԥсыжырҭа.  2021 шықәсазы Аԥснытәи акультуратә центрқәа Рфедерациа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкны хышә шьапы рҟынӡа азеиҭынтә ҵлақәа реиҭаҳара еиҿнакааит.

*** Қефқен – ари аҭыԥ аҿы иӡхыҵуан зеиҳараҩык аԥсыуааз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәа зҭаз анышьқәа.

Амшын аԥшаҳәа иаԥныз аҳаԥқәа атәым дгьыл аҿы инанагаз амҳаџьырқәа хыҵакырҭас ироуит.  Ахьҭеи амлакреи ачымазарақәеи ирыхҟьаны анҵәара иалагеит ахҵәацәа. Имлашьуаз ауаа ирԥыхьашәоз зегьы рфон, уи иахҟьаны ачымазара ҿкы рылалеит. Зыԥсҭазаара иалҵыз ауаа иара уааҵәҟьа, аҳаԥқәа рааигәара анышә иамардон.

Аҳаԥқәа рыҩныҵҟа иахьа уажәраанӡагьы иаанханы иҟоуп аџьамыӷәа цәгьа иҭагылаз ауаа аҳаԥы аҭыӡқәа рҿы рнапала иҟарҵаз аҩырақәа.  Урҭ аныҟаҵаз аамҭа 1860-шықәса иақәшәоит. Қефқен ауп 1877 шықәсазы амҳаџьыраа аҵыхәтәантәи ргәыԥ ахьыӡхыҵыз.

Есышықәса, лаҵарамза 21 рзы, ишаԥу еиԥш, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа р-Федерациа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апровинциа Қоџьаели Қандыра араион Қефқен Бабалы ақыҭаҟны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара Амш иазкны аусмҩаԥгатә мҩаԥнагоит. Аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ари аҭыԥ аҿы еизоит, ашәҭ шьыҵәрақәа амшын ихырҵоит, атеатралтә қәгыларақәа нарыгӡоит, ҿыц еиҵагыло абиԥара изхылҵыз рҭоурых рдыруазарц азы аиԥыларақәа мҩаԥыргоит. 

 


Read 139 times - Амҽыша, 28 Лаҵара 2023 21:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.