АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Лаҵара.2023

Аԥсни Урыстәылеи Аҳәынҭстандарт анапхгаҩцәа аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы, Жәларбжьаратәи аметрологиатә форум «Метрология без границ 2023» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиеи Урыстәыла аметрологиеи атехникатә еиҿкаареи рзы Афедералтә агентра (Росстандарт) анапхгаҩы Антон  Шалаеви официалла реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭстандарт апресс-маҵзура.

Аганқәа наҟ-ааҟтәи аинтерес зҵоу аусура аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит.  Аиԥылараҿы иара убас Аԥсны Аҳәынҭстандартә аеталонтә база арҿыцра азҵаарагьы шьҭыхын.

Аиҿцәажәарақәа реихшьаалақәа рыла урыстәылатәи аган аамҭалатәи ахархәара аҳасабала ашәаразы ахархәагақәа хәыда – ԥсада Аԥсны Аҳәынтандарт аҭаразы адгалара ҟанаҵеит.  

«Урыстәыла Аҳәынҭстандарт иамоу алшарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәи рколлегацәа адгылара рыҭара иазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Антон Шалаев.

Ахәҭакахьала, Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахантәаҩы урыстәылатәи иколлега адгылара азы  иҭабуп ҳәа еиҳәеит, уи иаҵоу аҵак ахадарагьы атәы азгәеиҭеит.  

«Аусхкы аҿиара иахәҭоу атехникатә еиқәыршәарада изалыршахом», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Нарсоу Сангәылиа.

Аилацәажәа хазы игоу теманы иқәгылан Аԥсны Аҳынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азҵаара.


Read 133 times - Амҽыша, 28 Лаҵара 2023 20:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.