АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ дидикылеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Хесус Рафаель Саласар Веласкес иҟынтәи агәраргагатә шәыҟәқәа рыдкылара иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит. Уи ашьҭахь Аслан Бжьаниа адипломат дидикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иусура аполитикатә, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә усхкқәа ирызкхоит ҳәа игәы ишаанаго, иара убас ҩ-жәларык реимадара арӷәӷәара ишацхраауа

«Ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рзы аҵак ду амоуп Венесуела аганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара»,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада Уго Чавес Фриас Аԥсны азхаҵараҟны илагаламҭа. «Аԥсны жәлар ҳаҭырла дыргәаладыршәоит Венесуела ажәлар рҵеи иаша, раԥхьагыла Уго Чавес Фриас», - ҳәа иҳәеит иара.

Ацҳаражәҳәаҩ Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит асасдкыларазы. «Иахьатәи аусмҩаԥгатә сара сзы ҭагылазаашьа бзиоуп ара аҟазааразы, Аԥсны жәлар ҳаҭырла ҳшырзыҟоу аарԥшразы. Ҳара ҳдацқәа зыԥсҭазаара зегьы ахақәиҭра иазызкыз, зхы иақәиҭу, ихьыԥшым ауаа рҟынтә иаауеит. Ҳара ҳдипломатиа ажәларқәа ахатәҳәаақәҵаразы ирымоу азин ҳаҭыр ақәҵара иазкуп», - иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ. Иазгәеиҭеит аԥхьаҟагьы аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи дышрықәгәыӷуа. «Ара сара аҩны сыҟоушәа збоит», - иазгәеиҭеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада Венесуела Ахада Николас Мадуро иара ианизыманшәалоу аамҭазы Аԥсны аҭааразы ааԥхьара ииҭеит, иара убас агәаларшәагатә ҳамҭа изыишьҭит. Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аслан Бжьаниеи Хесус Рафаель Салареси агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.


Read 180 times - Ахаша, 17 Лаҵара 2023 22:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.