АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2023

ГАГРА АҚАЛАҚЬ АСАНИТАР-ЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ СТАНЦИА АКТӘИ АИХАГЫЛА АҾЫ ШЬАҬАНКЫЛАТӘИ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА ХЫРКӘШАХЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гагра ақалақь асанитар-епидемиологиатә Станциа ахыбра актәи аихагыла аҿы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара хыркәшахеит.

Ари ахыбра инагӡаны аиҭашьақәыргылара азы Гагра араион Ахадара иазоунажьит 20 млн. мааҭ инарзынаԥшуа, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагратәи Ателехәаԥшра.

Гагра араион асанитартә ҳақьым хада Емине Иазычба лажәақәа рыла, асанитар-епидемиологиатә Станциа ахыбра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара х-еитапкны еихшан, урҭ рахьынтә ҩба иахьатәи амш азы ихыркәшоуп: уи абактериологиатәии ПЦР-лабораториақәеи ахьыҟоу актәи аихагыла шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара; иарбоу ахықәкы азы иақәхарџьхеит 6 млн 600 нызықь мааҭ.  

«Алабораториақәа русура ахацыркра азԥхьагәаҭоуп мшаԥымза агәазы. Уажәазы иахәҭоу аиқәыршәагақәеи амаругақәеи аҩнымаҭәақәеи раагара иазыԥшуп.  Анаҩс аусурақәа ахԥатәи аетап азԥхьагәаҭоуп – уи аҩбатәи аихагылеи ахыбра ахаҿратә гани реиҭашьақәыргылареи ауп», - ҳәа илҳәеит лара.

Емине Иазычба араион анапхгара асҟаҟ ихымԥадатәииз аусурақәа рзы аԥаратә хархәагақәа ахьазоунажьыз азы иҭабуп ҳәа лҳәеит.

«Арҭ апроцессқәа зегьы ҳусура ахаҭабзиара аизырҳара азы иахәҭоу алшарақәа аԥнаҵоит, ҳара ишиашоу ауааԥсыра реиԥш акоммерциатәи аҳәынҭқарратәии аструктурақәа рзы амаҵзура адагьы, иара убас  имҩаԥааго аҭҵаарақәа рыспектр арҭбаарагьы ҳалшоит», - ҳәа лажәа хыркәшо илҳәеит Емине Иазычба.


Read 283 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.