АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Мшаҧы.2023

АРМЕН МИНАСИАН 17-18 ШЫҚӘСА ЗХЫҴУА АСПОРТСМЕН ҚӘЫԤШЦӘА РЫБЖЬАРА АБОКС АЗЫ МОСКВА АҚАЛАҚЬ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АРАӠНЫ МЕДАЛ ИАНАШЬАХЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Армен Минасиан 17-18 шықәса зхыҵуа аспортсмен ҿарацәа рыбжьара абокс азы Москва ақалақь Аԥхьахә агара аҿы араӡны медал аиура иҽаԥсеитәит. Аицлабрақәа мҩаԥысуан хәажәкырамза 27 инаркны мшаԥымза 1 аҟынӡа Москватәи ақалақьтә абҩарҵәыра-спорттә еидгылара «Измаилово» аҟны, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Армен Минасиан 67 кьыла иҟоу рыкапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон. Афиналтә еиндаҭлара аҟны уи  Арратә Спорттә Клуб Хада  (ЦСКА) аҟынтәи Давид Аветисиан диаҵахеит.

Армен Минасиан азыҟаҵаҩцәа Елизбар Џьологуеи Едгар Қриеи рааӡамҭа иоуп. Уажәы  иара Москватәи аспорттә Комитет иатәу Аҳәынҭқарратә Биуџьеттә Усбарҭа «Московатәи ақалақьтә абҩарҵәыра-спорттә еидгылара» абокс азы Аолимпиатә резерв аспорттә школ аҿы иҽазыҟаиҵоит. 


Read 249 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.