АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2023

РАԤХЬАӠАТӘИ АԤСУА МЕДИЦИНАТӘ ФОРУМ МҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП МШАԤЫМЗА 24-25 РЗЫ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Актәи аԥсуа медицинатә форум аусура иалагоит мшаԥымза 24 рзы. Ари аусмҩаԥгатә аиҿкаара иазкны хәажәкырамза  28 рзы атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны аминистр Едуард Быҭәба ихантаҩрала имҩаԥысыз аусуратә еилатәара. Аусмҩаԥгатә аиҿкаара рхахьы иргеит – Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра, Аԥсны ареабилитологцәа Рассоциациа, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Урыстәылатәи амедицинатә еилазаара» (УА).

Едуард Быҭәба ишазгәеиҭаз ала, афорум ахықәкы хадақәа иреиуоуп агәабзиарахьчара анапхгараҭара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аус зуа аҳақьымцәеи агәабзиарахьчара асистема апрофильтә специалистцәеи аекперт-аналитикцәеи азиндырҩцәеи амедицинатә цхыраара аҭара иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа рылацәажәареи аӡбамҭақәа рыдкылареи рзы плошьадкак аҿы реидкылара.

Аминистр иара убас ишазгәеиҭаз ала, ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит агәабзиарахьчара аусхкы аҿы Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҿиареи актуалра злоу ахырхарҭақәа зегьы рыла реимадара аҩаӡара ашьҭыхреи.

Афорум ацхантәаҩцәа раҳасабала иқәгылоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәылатәи амедицинатә еилазаара апрезидент Евгени Ачкасови.

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла агабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делба, Ассоциациа «Инва-Содействие» анапхгаҩы Алхас Тхагушев, Аԥсны ареабилитологцәа Рассоциациа ахантәаҩы Асмаҭ Џьынџьалԥҳа, атәыла агәабзиарахьчара Аминистрреи Ареспубликатә хәышәтәырҭеи рхаҭарнакцәа.


Read 213 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.