АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Хәажәкыр.2023

АСИДА ШЬАҞРЫЛ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПРЛАМЕНТ АҞНЫ АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРА АЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ 2022 ШЫҚӘСАЗТӘИ ЛУСУРА АЗЫ АЖӘАХӘ ҞАЛҴЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ааԥынтәи асессиа аилатәара. Аилатәара мҩаԥысит Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша ихантәаҩрала.

Асида Шьаҟрыл Жәлар Реизара-Апарламент аҟны Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу 2022 шықәсазтәи лусуразы ажәахә ҟалҵеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ауаҩы изинқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 19 инақәыршәаны  Апарламент адепутатцәа азыӡырҩит иагьрыдыркылеитт  Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу Шьаҟрыл Асида 2022 шықәсазтәи лусуразы ажәахә.

Адепутатцәа Шьаҟрыл Асидеи Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу лаппарати имҩаԥыргаз аусура иҭабуп ахырҳәааит.

Шьаҟрыл А. омбудсменс далхын 2018 шықәса хәажәкырамза 21 рзы. Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу далххоит хәышықәса ҿҳәарас иҭаны.

Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу лықәгылара атекст харҭәааны шәаԥхьар шәылшоит абри азхьарԥш ала:  https://ombudsmanra.org/press-tsentr/novosti/. 789/


Read 205 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.