Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо Аҟәа ақалақь аделегациа хәажәкырамза 13 рзы Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казань иаҭааит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аҟәа Ахадара аофициалтә саит аҿы.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа, Анхара-коммуналтә Нхамҩа адепортамент аиҳабы Руслан Аҩӡба, жәларбжьаратәи аимадарақәа рыҟәша аспециалист хада Денис Рачителев.
Хәажәкырамза 14 рзы иазԥхьагәаҭоуп Аҟәеи Казани аиашьаратә қалақьра рыбжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра.
Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь 1988 шықәса инаркны Аҟәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра зыбжьанаҵахьоу рҟынтәи 36-тәи қалақьхоит. Аиашьаратә қалақьра азы актәи аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит жьҭаарамза 2, 1988 шықәсазы Аҟәа ақалақьи шотландтәи ақалақь Килмарноки рыбжьара.
Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь аҭаара актәи амш азы Аҟәа ақалақь аделегациа азы Аҵарадырреи анаукеи акультуреи рызҵаарақәа рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахаҭарнакра (ЮНЕСКО) адунеизегьтәи аҭынха аобиектс иԥхьаӡоу Казантәи Акремль ахь аныҟәара еиҿкаахеит.
Амузеи-ҳәырԥсарҭа аҿы Аҟәа ақалақь Ахадара аделегациа 1000 - шықәса зхыҵхьоу Казань ақалақь аҭоурых, Казантәи ахәада аҿы ахыхьчаратә рӷәӷәарҭақәа рыргылара аетап хадақәа рзы адыррақәа рызнаган, иара убас ахырӷәӷәарҭақәа ркомплекс дырбан.
Аделегациа иара убас адинхаҵаратә аԥшьаҭыԥқәа – аџьамаа Кул-Шарифи Благовешьентәи аныхабааи. Ақалақь Казан ашьаҭа акит 1005 шықәса азы. Ақалақь Волга аӡиас аԥшаҳәа, Мрагылареи Мраҭашәареи рыбжьара ахәаахәҭратә маршрутқәа реихысырҭа аҿы иргылахеит.
XV-XVI ашәышықәсақәа рзы Казань ақалақь Казантәи аханра иаҳҭнықалақьны иҟан. 1552 шықәсазы аҳәынҭқар Иван Грозныи Казань импыҵаикит, аханра Урыстәыла аилазаара иалалеит.