АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Хәажәкыр.2023

ГАГРА АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АЛАҚӘА ЕРЕИХСНЫ РЫШЬРА ИАЛАХӘЫЗ АУАА РААРԤШРА ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА НАРЫГӠОИТ.

Аҟәа. Хажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь азинхьчаратә усбарҭақәа ақалақь аҿы алақәа иреихсны рышьра иалахәыз ауаа реилкаара иазкны аусура нарыгӡоит.

«Ҳара ҳхаҭа даара ҳаршанхеит иҟалаз ахҭыс. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари агәымбылџьбаратә хҭыс иалахәыз ауаа реилкаара азы аусура мҩаԥыргоит. Иҟоу адыррақәа рыла, уи џьоукы хазхаҭала иаԥшьыргаз, анаҩс еиҿыркааз усуп. Ҳара иԥшәымадоу алақәа рыпроблема аӡбара азы ас еиԥш аметод зынӡа ҳадгылаӡом», - ҳәа Апсныпресс акорреспондент иацы иҟалаз ахҭыс азы иҟаиҵаз азҵаара  аҭак ҟаҵо иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба  .

Гагра ақалақь аҿы хара имгакәа хыҵакырҭада иаанхаз алақәа массала рыстерилтизациа  амҩаԥгареи рыхәҭак Гагра араион аҿы иҟоу агәыҳалалратә фонд «Багира» иатәу  ахкыдкыларҭа  (априиут)   «Топа» аҿы рнырхара азы аусура мҩаԥыргоит.  

«Уи азы инацҵаны иҿаҵан иагьыҟаҵоуп  аԥстәқәа рҭакырҭақәа (аволиерқәа), иара убас иарбоу ахкыдкыларҭа авалонтиорцәа рыцхыраара азы аусзуҩцәа ҳадаҳкылеит», - ҳәа иажәа инациҵеит Адамыр Цишба.


Read 204 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.