Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара цәыббрамза 11, 2012 шықәса рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахырҭатә Банк аԥаралаҵаҩцәа акомпенсациатә шәатәқәа рызшәара азы» ирыдыркылаз Ақәҵара №115 инақәыршәаны, 2023 шықәсазы ашәатәқәа нагӡаны ирызшәахоит абарҭ акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа:
1990 шықәсанӡа ииаз (иарбоу ашықәсгьы уахь иналаҵаны), мамзаргьы мшаԥымза 1, 2003 шықәса инаркны ажьырныҳәамза 20, 2004 шықәанӡа аԥарашьҭаҵақәа рышәҟәҭагалара иахысыз урҭ ирҭынхаз;
1990 шықәсанӡа ииаз (иарбоу ашықәсгьы уахь иналаҵаны), мамзаргьы жьҭаарамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2012 шықәсанӡа аԥарашьҭаҵақәа рышәҟәҭагалара иахысыз урҭ ирҭынхаз;
1990 шықәсанӡа ииаз (иарбоу ашықәсгьы уахь иналаҵаны), мамзаргьы мшаԥымза 6 инаркны лаҵарамза 29, 2015 шықәсанӡа аԥарашьҭаҵақәа рышәҟәҭагалара иахысыз урҭ ирҭынхаз.
Иарбоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа, иахьынхо аҭыԥ ала араион Ахадара ахь арзаҳал ҩны иадҵаалар алшоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазара апресс-маҵзура.